Украинатәи Рада аӡбамҭа инақәыршәаны, аомбудсмен Лиудмила Денисова лнапынҵақәа шьҭалҵеит
Украинатәи Рада аӡбамҭа инақәыршәаны, аомбудсмен Лиудмила Денисова лнапынҵақәа шьҭалҵеит

Украинатәи Рада аӡбамҭа инақәыршәаны, аомбудсмен Лиудмила Денисова лнапынҵақәа шьҭалҵеит. Украинатәи аихқәа ишарыцҳаз, ари аӡбамҭа иадгылеит 234-ҩык адепутатцәа.

Апартиа “Слуга народа” алахәыла Павел Фролов ишааицҳаз, Лиудмила Денисова лнапынҵақәа рышьҭаҵара мзызқәак амоуп: агуманитартә коридорқәа реиҿкаареи, абаандаҩцәа рыхьчареи реиҭныԥсахреи, импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҟынтә атәылауааи ахәықәеи рдепортациаан, ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчараан азинмчы асистематикатә анагӡара, иара убас асексуалтә мчылареи ахәыҷқәа рыргәаҟреи ирызку адетальқәа рцәырымгареи. Ари зегьы Украина аԥхасҭа ду азаанагеит.

Ари ада, Павел Фролов ишааицҳаз, жәабран 24 рышьҭахь Лиудмила Денисова аҳәаанырцә аамҭа рацәаны мҩаԥылгеит.