Украинатәи арбџьармчқәа 50 цыра ҭырқәтәылатәи акәалҿмашьынақәа роуит
Украинатәи арбџьармчқәа 50 цыра ҭырқәтәылатәи акәалҿмашьынақәа роуит

Украинатәи арбџьармчқәа 50 цыра ҭырқәтәылатәи акәалҿмашьынақәа роуит. Аихқәа рдыррақәа ала, ари атәы   аарыцҳаит Украина арбџьармчқәа ирыҵанакуа аоперативтә гәыԥ “Каховка” алахәылацәа.

“Атәымтә партниорцәа ҳаруаа ацхыраара рзаадырԥшуеит. Украина аӷа цәгьа аиааирц адунеи зегь аҭахуп.  Украинатәи арбџьармчқәа 50 цыра ҭырқәтәылатәи акәалҿмашьынақәа BMC Kirpi роуит”- иануп аҳәамҭа аҿы.

Иара убас, хара имгакәа  Украинатәи арбџьармчқәа иацҵаны 150 цыра ҭырқәтәылатәи акәалҿмашьынақәа роуеит.