Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз,  уахи-ҽни рыла Украина аҵакырадгьыл ахь урыстәылатәи аԥырҩы дызмам аппаратқәа ржәылара мҩаԥган
Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз, уахи-ҽни рыла Украина аҵакырадгьыл ахь урыстәылатәи аԥырҩы дызмам аппаратқәа ржәылара мҩаԥган

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Украи аҵакырадгьыл аганахьала урыстәылатәи аԥырҩы дызмам аппаратқәа ржәылара мҩаԥган, аԥжәара бжьы гон Хмельницк ақалақь аҿы. Ари атәы аарыцҳаит украинатәи аихқәа. Аихқәа рдыррақәа рыла, аҳауатә ашәарҭарардырра бжьы гон Чернигови, Кивеи, Полтавеи, Кировогради, Житомири, Днепропетровски, Харкови.

Киев арратә администрациа аҳәамҭа инақәыршәаны, урыстәылатәи аруаа Херсон аиланхарҭақәа рхырхарҭала артиллериа рхы иадырхәит. Украинатәи аштаб хада аинформациа ала, Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа хәхырхарҭала ажәылара амҩаԥгара рҭахын – Купиански, Бахмути, Авдеевкеи, Лимани, Шахтиори.