Украина  Испаниеи, Даниеи, Нидерланди рҟынтә абџьар роуеит
Украина  Испаниеи, Даниеи, Нидерланди рҟынтә абџьар роуеит

Украинатәи АИХқәа рдыррақәа рыла, Испаниа Украина ианаҭоит азенит-ракетатә комплекс  «HAWK»,  ари акомплекс цәыббразы Украина  идыргылоит.

Испаниа атәылахьчара аминистр  Маргарита Роблес украинатәи лколлега Рустем Умеров наҟ-наҟ Украина иарҭо атехника иазкны инарҭбаау аинформациа илҭеит.

Иара убас, ишдыру ала, Данеи Нидерланди Украинаҟа идәықәырҵоит  14 танкқәа  Leopard 2A4. Аусбарҭаҿы ишырҳәаз ала, германтәылатәи арратә концерн  Rheinmetall AG,  атехникатә усурақәа мҩаҧганы, мызқәак ирылагӡаны арҭ атанкқәа рҧышәон.