Украина аштаб хада аинформациа ала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Украина арбџьармчқәа 500 метр рҟынтә километр аҟынӡа аԥхьагылара рыман
Украина аштаб хада аинформациа ала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Украина арбџьармчқәа 500 метр рҟынтә километр аҟынӡа аԥхьагылара рыман

Украина аштаб хада аинформациа ала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Украина арбџьармчқәа 500 метр рҟынтә километр аҟынӡа аԥхьагылара рыман. Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз, ари ааицҳаит Украина аштаб хада  ахаҭарнак Андреи Ковалев.

Ковалев иажәақәа рыла, украинатәи аруаа 3 км2 аҵакыра рнапахьы ааргеит.

Ари ада, Украина Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Анна Малиар ишаалыцҳаз, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла украинатәи арбџьармчқәа Бахмут ахырхарҭала, Берховкатәи аӡкыра ахьыҟоу араиони Тореци рхырхарҭала аԥҳьагылара рымоуп.