Украина арратә-ҳауатә мчқәа - Украина Евроеидгыла ацхыраара аҳәаақәа ирҭагӡаны 70 арратә ҳаирпланқәа аиуеит
Украина арратә-ҳауатә мчқәа - Украина Евроеидгыла ацхыраара аҳәаақәа ирҭагӡаны 70 арратә ҳаирпланқәа аиуеит

Украина арратә-ҳауатә мчқәа рнапхгара аинформациа ала, Украина Евроеидгыла ацхыраара аҳәаақәа ирҭагӡаны 70 арратә ҳаирпланқәа аиуеит.

“Ҳпартниорцәа ҳарҭоит “Миг-29”-и “Су-25″-и! Иаҭаххар, урҭ польшатәи аҳаирбаӷәазаҿ рыргылара ҳалшоит, уантә украинатәи апилотцәа рыдҵақәа нарыгӡоит,” – иануп аҳәамҭа аҿы.

Украина арратә мчқәа ишаарыцҳаз,  Украина аҳаирпланқәа хтылак рынт аиуеит. Польшант- “Миг-29” атип змоу аҳаирпланқәа 28, Словакиантә – “Миг-29” атип змоу аҳарпланқәа 12, Болгариантә “Миг-29” атип змоу аҳаирланқәа 16, “Су-25” атип змоу аҳаирпланқәа 15.

Евроеидгыла абџьар аахәареи аҭареи рзы Украинаазалнахит 450 миллион евро.