Владимир Зеленски – Украина ада Украина алацәажәара ҟалом, европа уаагьы аиҿцәажәарақәа ирылахәызароуп, Путин ишиҭаху иҟамлароуп, уи ауп иахьазы ихадоу
Украина ахада Владимир Зеленски иҳәамҭала, Украина Урыстәылеи Америкеи Украина аҽалархәрада ирыдыркыло ҩ-ганктәи аиқәшаҳаҭра аднакылом.
«Ҳара, ихьыҧшым аҳәынҭқарра аҳасабала, ҳара ҳада ирыдыркыло аиқәшаҳаҭрақәа ҳадаҳкылом», — иҳәеит Зеленски ажурналистцәа данрацәажәоз.
Украина ахада иҳәамҭала, европауаагьы аиҿцәажәарақәа ирылахәызароуп.
«Путин ишиҭаху ҟамлароуп, уи ауп иахьазы ихадоу. Иара ҩ-ганктәи аиҿцәажәарақәа мҩаҧигар иҭахуп – иареи Америкеи рыбжьара», — иҳәеит Зеленски.