Владимир Зеленски – Шәахәаҧш  Михаил Саакашвили дзеиҧшрахаз, Қырҭтәыла аиҳабыра дыршьыр рҭахуп ҳәа сгәы иаанагоит
Владимир Зеленски – Шәахәаҧш  Михаил Саакашвили дзеиҧшрахаз, Қырҭтәыла аиҳабыра дыршьыр рҭахуп ҳәа сгәы иаанагоит

Украина ахада  Владимир Зеленски игәаанагарала, Қырҭтәыла анапхгара   Қырҭтәыла ҧасатәи ахада, Украина атәылауаҩ Михаил Саакашвили дыршьыр рҭахуп.

АИХ адыррақәа рыла, Зеленски ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Австриа ахада Алеқсандр ван дер Беллени иареи еицымҩаҧыргаз апресс-конференциаҿы.

Зеленски иколлега иеиҳәеит апрессконференциа иалагаанӡа Саакашвили уажәтәи ифотосахьақәа ширҭаз.

«Ианаамҭаз  Қырҭтәыла ахадас дыҟан. Михаил Саакашвили. Абарҭ  афотосахьақәа  Давиҭ Арахамиа исиҭеит. Дзеиҧшрахаз жәбар сҭахуп. Қырҭтәыла анапхгара дыршьыр рҭахуп ҳәа сгәы иаанагоит.  Шәара ижәдыруама дара ашҳам ширҭаз, уажәы хәыҷы-хәыҷла дыршьуеит.

Убри аҟынтә, абра зҵаарак сызцәырҵит: Қырҭтәыла анапхгара изыдгылода? Анеитралтә политика мҩаҧыргоу, мамзаргьы, Урыстәыла иадгылоу, избанзар, Урыстәыла анапхгара рполитикцәа убасҵәҟьа ирызныҟәоит, аха, иахьа Қырҭтәыла анапхгара рполитик иакәымкәа, Украина атәылауаҩ абас изныҟәоит. Убри аҟынтә, даҽазнык сҵаар сҭахуп: дара анеитралтә политика мҩаҧыргома? Мамзаргьы, Урыстәыла иадгылоума? Ма, Украина иаҿагылома…

Апресса ахаҭарнакцәа иҟоу рдыруазар сҭахуп: Украина атәылауаҩ аргама ддыргәаҟуеит. Сара Қырҭтәыла ҧасатәи ахада дзааныркылаз, уи Қырҭтәыла аполитикеи адемократиеи рзы алҵшәас иахылҵуа  салацәажәом.  Уи дара ирусуп. Сара Украина атәылауаҩ Михаил Саакашвили иҭакреи есымша иргәаҟреи ауп сызлацәажәо. Сгәы ишаанаго ала, дара хықәкык ауп ирымоу  — дыршьыр рҭахуп», — иҳәеит  Владимир Зеленски.