Владимир Зеленски – Иахьазы Европа Қырҭтәыла ацәыӡит, мышкы зны Қырҭтәыла Европаҟа ихынҳәуеит, аха, уи азыҳәан, европауаа уаҟа имҩаҧысуа ахҭысқәа рбароуп
Иахьа ҳара Молдова адаҳныҳәалоит. Алхрақәа рҿы европатәи аидеиа аиааира агеит, – иҳәеит Украина ахада Владимир Зеленски авидеорежимала Варшаватәи ашәарҭадара афорум аҿы.
„Иахьа шьыжьымҭан Маиа Санду слацәажәеит, илыдысныҳәалеит. Урыстәыла Молдоваҿ аилаҩынтәра аиҿкаара залымшеит.
Қырҭтәылаҿ зынӡаскгьы даҽа ҭагылазаашьак шыҟоу аабоит. Иахьа Европа Қырҭтәыла ацәыӡит. Мышкы зны Қырҭтәыла Европаҟа ихынҳәуеит, аха, уи азыҳәан, европауаа уаагьы Белаусгьы имҩаҧысуа ахҭысқәа рбароуп. Ҳрегионаҿ Урыстәыла аиааира цыҧхьаӡа Европазы ацәыӡуп. Убри аҟынтә, тәылакгьы ҳцәыӡыр ҟалом. Молдова имҩаҧгаз алхрақәа рышьҭахь Молдова адгылара наҳагӡароуп. Алхрақәа рышьҭахь зегьы реиҳа ихадоу алхыҩцәа ргәыҕрақәа рынагӡароуп. Европа уи аҿы Молдова иацхраароуп, избанзар, ҳара иаҳзеиҧшу аинтересқәа ҳамоуп“, – иҳәеит Зеленски.