Владимир Путин  Израиль аҧыза-министр иҿаҧхьа аҭамзаара шьҭаиҵеит Лавров иҟаиҵаз аҳәамҭазы
Владимир Путин  Израиль аҧыза-министр иҿаҧхьа аҭамзаара шьҭаиҵеит Лавров иҟаиҵаз аҳәамҭазы

Урыстәыла ахада  Владимир Путин  Израиль аҧыза-министр иҿаҧхьа аҭамзаара шьҭаиҵеит Лавров иҟаиҵаз аҳәамҭазы. Лавров иҳәамҭала, Гитлер ауриатә ашьа илан. Израильтәи АИХ ари аинформациа аладырҵәеит атәыла аиҳабыра ринформациа шьаҭас иҟаҵаны.

Израиль аҧыза-министри Урыстәыла ахадеи ҭелла еицәажәеит.

Нафтали Беннет иофис адыррала, атәыла аиҳабыра рнапхгаҩы Урыстәыла ахада иҭамзаара идикылан, Урыстәыла ахада ҭабуп ҳәа иеиҳәеит ауриа жәлари Ҳолокостеи рызныҟәашьа иадҳәаланы иҟаиҵаз аилыркаарақәа рзы.

Ҩ-ганк рыбжьара аҳәоуеиқәымшәара иалагеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Украина ахада изкны иҟаиҵаз аҳәамҭа амшала. Лавров ишиҳәаз ала, Владимир Зеленски ауриатә ашьа илоуп, убри азоуп  итәылаҿы анацисттә елементқәа зыҟоу.

Израиль анапхгара Лавров иҳәамҭа иақәыӡбит. Убри анеҩс,  Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Израиль ахаранаҵеит Украина анеонацистцәа рыдгылара.