Виктор Орбан – Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп аконтржәылара иалагаанӡа аганқәа агәра дҳаргарц амца аанкылареи аҭынчратә аиҿцәажәарақәа ралагареи ишхымҧадоу
Виктор Орбан – Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп аконтржәылара иалагаанӡа аганқәа агәра дҳаргарц амца аанкылареи аҭынчратә аиҿцәажәарақәа ралагареи ишхымҧадоу

«Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп аконтржәылара иалагаанӡа аганқәа агәра дҳаргарц амца аанкылареи аҭынчратә аиҿцәажәарақәа ралагареи ишхымҧадоу», — иҳәеит Венгриа аҧыза-министр  Виктор Орбан.

Венгриа аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, иара аибашьратә аҧышәа ду имоуп, убри аҟынтә, ибзиаӡаны идыруеит ажәыларатә ган, зхы зыхьчо раасҭа  иаҳа ирацәаны ацәыӡ шроуа.

«Зуааҧсыра иаҳа имаҷу атәыла арратә ажәылара иалагар, ауаа рацәа рцәыӡуеит, ашьа рацәа каҭәоит.  Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп аконтржәылара иалагаанӡа аганқәа агәра дҳаргарц амца аанкылареи аҭынчратә аиҿцәажәарақәа ралагареи ишхымҧадоу», – иҳәеит  Виктор Орбан.