Вахтанг Гомелаури – Жәларбжьаратәи ҳпартниорцәа Қырҭтәыла адгыларазы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп
Вахтанг Гомелаури – Жәларбжьаратәи ҳпартниорцәа Қырҭтәыла адгыларазы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Қырҭтәыла имҩаҧысуа  „Акибершәарҭадара афорум  – 2023“  аҿы данықәгылоз, жәларбжьаратәи апартниорцәа Қырҭтәыла адгыларазы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ишазгәеиҭаз ала,  наҟ-наҟ ари аусеицура иаҳа активла инагӡахоит, Қырҭтәыла акрызҵазкәа ароль нанагӡоит акибершәарҭадара аусхкы аҿы.

„Афорум аҿы еилаҳкаауеит Қырҭтәыла аусбарҭақәа русушьеи, иара убас, жәларбжьаратәи усеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуа аусуреи иазкны. Амилаҭтә шәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩи аҩныҵҟатәи аусқәа рминистри ҳахьӡала жәларбжьаратәи ҳпартниорцәа ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп Қырҭтәыла адгыларазы.  Афорум алахәылацәа ақәҿиарақәа рзеиҕьасшьоит.  Агәра ганы сыҟоуп  наҟ-наҟ ари аусеицура иаҳа активла ишынагӡахо, Қырҭтәыла акрызҵазкәа ароль шынанагӡо  акибершәарҭадара аусхкы аҿы“,- иҳәеит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр.