Словакиа аԥыза-министр Германтәыла ахь ааԥхьара ҟаиҵеит Украинеи Қырҭтәылеи, Молдовеи Евроеидгыла акандидат статус анашьара адгыларц
Словакиа аԥыза-министр Германтәыла ахь ааԥхьара ҟаиҵеит Украинеи Қырҭтәылеи, Молдовеи Евроеидгыла акандидат статус анашьара адгыларц

Словакиа аԥыза-министр Германтәыла ахь ааԥхьара ҟаиҵеит Украинеи Қырҭтәылеи, Молдовеи Евроеидгыла акандидат статус анашьара адгыларц. Ари аҳәамҭа Едуард  Ҳегер Германтәыла авизитаан аканцлер Олаф Шольц иҟны аиԥылара иалагаанӡа ҟаиҵеит.

“Евроеидгыла арҭбаара ишыхадароу еилаҳкаароуп. Адунеи азы иӷәӷәоу Европа аҵак ду амоуп, арҭ атәылақәа иаҳзыԥшуп”, – иҳәеит Словакиа аԥыза-министр “Политико” аинтервиу аҿы.

Ҳегер иажәақәа рыла, Украинеи Қырҭтәылеи, Молдовеи Евроеидгыла алаларазы акандидат статус ранашьара аҵак ҷыда амоуп. Словакиа аԥыза-министр ишааицҳаз, Евроеидгыла алаларазы аҳәара аҟаҵара атәылақәа зегьы рылшароуп, аха аиҿкаара алалара рылшароуп адемократиатәи аинституционалтәи реформақәа мҩаԥызго атәылақәа мацара.