Шарль Мишель - Ахыхьчаразы ҳҽазыҟаҳҵароуп, "аибашьра аекономика" арежим ахь ҳаиасроуп, аҭынчра ҳҭахызар, аибашьразы ҳҽазыҟаҳҵароуп
Шарль Мишель - Ахыхьчаразы ҳҽазыҟаҳҵароуп, "аибашьра аекономика" арежим ахь ҳаиасроуп, аҭынчра ҳҭахызар, аибашьразы ҳҽазыҟаҳҵароуп

Аҭынчра ҳҭахызар, аибашьразы ҳҽазыҟаҳҵароуп, – иҳәеит европа ахеилак ахада Шарль Мишель.

Мишель иажәақәа рыла, Европа атәылахьчаратә лшарақәа реиӷьтәра алаганы, “аибашьра аекономика” арежим ахь ииасроуп.

„Евроеидгыла ииашоу аҭак ҟанамҵар, Урыстәыла аанкыларазы Украина иаҭаху ацхыраара амоур, аибашьра ҳа ҳҿы иалагоит. Убри аҟынтә, атәылахьчаратә лшарақәа реиӷьтәра алаганы, “аибашьра аекономика” арежим ахь ҳиасроуп. Аҭынчра ҳҭахызар, аибашьразы ҳҽазыҟаҳҵароуп”, – иҳәеит европа ахеилак ахада Шарль Мишель.