Шәамахьтәыла апарламент Ашьауӷа зин жәларбжьарати аӡбарҭа Римтәи астатут аратификациа азнауит
Шәамахьтәыла апарламент Ашьауӷа зин жәларбжьарати аӡбарҭа Римтәи астатут аратификациа азнауит

Шәамахьтәыла апарламент Ашьауӷа зин жәларбжьарати аӡбарҭа Римтәи астатут аратификациа азнауит. Азакәанпроект иадгылеит 60-ҩык адепутатцәа, иаҿагылеит 22-ҩык.

Шәамахьтәыла аган Ашьауӷа зин жәларбжьарати аӡбарҭа Римтәи астатут анапы аҵанаҩит 1998 шықәса ԥхынгәы 18 рзы, аха ари адокумент аратификациа иахьанӡа амамызт. Шәамахьтәыла Аконституциатәи аӡбарҭа 2004 шықәсазы римтәи астатути атәыла аконституциеи еинаалом ҳәа аԥҳьаӡеит. 2022 шықәса анҵәамҭазы Шәаматәыла аиҳабыра Римтәи астатути Шәамахьтәыла аконституциеи реинаалара аарԥшразы даҽазнык иадҵаалт. Хәажәкыра 24 рзы Аконституциатәи аӡбарҭа Ашьауӷа зин жәларбжьарати аӡбарҭа Римтәи астатут ала иазыԥхьагәаҭоу ахыдҵақәеи ашьаҭатәи азакәани реинаалара азханаҵеит.

Хәажәкыра 17 рзы Ашьауӷа зин жәларбжьарати аӡбарҭа Урыстәыла ахада Владимир Путин иаанкыларазы адҵа ҟанаҵеит. Шәамахьтәыла Ашьауӷа зин жәларбжьарати аӡбарҭа Римтәи астатут иалалозар, Урыстәылеи Шәамахьтәылеи реизыҟазаашьақәа даара цәгьахоит ҳәа абри еиԥш аҳәамҭаҟа иҟарҵеит урыстәылатәи аган ахаҭарнакцәа.