Шәамахьтәыла аоппозициаа рхаҭарнакцәа ахада дырԥылоит
Шәамахьтәыла аоппозициаа рхаҭарнакцәа ахада дырԥылоит

Шәамахьтәыла аоппозициаа рхаҭарнакцәа ахада Армен Сарқисиан дырԥылоит.

Аиԥылара рхы аладырхәоит апартиа «Аԥсадгьыл» алидр Артур Ванециан, «Дашнакцутиун» ахаҭарнак Арцвин Минасиан, «Ареспубликатәи партиа» ахаҭарнак Ваграм Баӷдасариан, аҵысра «Аԥсадгьыл аиқәырхаразы» ахаҭарнак Вазген Манукиан

Аҩашаҽны Шәамахьтәыла ахада иадминистрациаҟынтә ишаарыцҳаз ала, Саргсиан бџьармчқәа рыштаб хада аиҳабы Оник Гаспариан имхра игәы иҭам.