Шәамахьтәыла анапхгара Ереван жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазантә урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа ралгара иаҳәоит
Шәамахьтәыла анапхгара Ереван жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазантә урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа ралгара иаҳәоит

Шәамахьтәыла анапхгара Ереван жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазантә урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа ралгара иаҳәоит. Шәамахьтәыла Ашәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Армен Григориан иҳәамҭала,   жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза  «Звартноц»  аҿы  ашәамахь аҳәаахьчаҩцәа мацара иҟазароуп.

Абри аҩыза ахымҧадара зыҟалеи ҳәа ианиазҵаа Григориан ишиҳәаз ала,  ахьыҧшымра аиура инаркны Шәамахьтәыла еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла апотенциал ду аиуит,  уажәазы,  иара ахала аҳаирбаҕәаза ахылаҧшра алшоит.

Ҧыҭраамҭак ашьҭахь Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков ишиҳәаз ала, Москва ирыздырӡом  «Звартноц» аҳаирбаҕәазантә  урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа ралгара иазкны  Ереван аӡбара шрыдыркылаз.