Шьалуа Папуашвили - Брюссель ибзиаӡаны ирдыруеит аизыҟазаашьақәа реиҕьтәразы иҟаҵатәу, ари ахырхарҭала макьана аконкреттә шьаҿақәа ҳбом, Бриуссель апроблемақәа ирыхәаҧшуам
Шьалуа Папуашвили - Брюссель ибзиаӡаны ирдыруеит аизыҟазаашьақәа реиҕьтәразы иҟаҵатәу, ари ахырхарҭала макьана аконкреттә шьаҿақәа ҳбом, Бриуссель апроблемақәа ирыхәаҧшуам

«Брюссель ибзиаӡаны ирдыруеит аизыҟазаашьақәа реиҕьтәразы иҟаҵатәу. Евроеидгыла абиуџьет аҟынтә амчылареи, апропагандеи, ацәымҕратә бызшәеи аҧара рзоушьҭреи Қырҭтәыла алхрақәа рҽалагалареи иаҟәыҵроуп. Ҳара иашьашәалоу ашьаҿақәа ҳрызҧшуп», – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

Папуашвили арҭбаара азҵаарақәа рзы еврокомиссар Марта Кос   «Арадио Ахақәиҭра» аинтервиу аҿы иҟалҵаз аҳәамҭа иазкны иазҵааит. Лара илҳәеит: «Аиҳабыра ажәлар рҳәатәы анхарымҵо сгәаҧхом. Ақырҭуа жәлар реиҳара европатәи амҩа ианызар рҭахуп. Ҳара Қырҭтәыла ҳцәыӡыр ауеит, сара уи сақәшаҳаҭым, атәыла анапхгара европатәи апринципқәа ирҿагыло азакәанқәа рыдыркылозаргьы».

«Раҧхьа иргыланы, иазгәасҭар сҭахуп Қырҭтәыла џьаргьы ишымцо. Ҳара ҳахьыҟаз ҳаҟоуп,  европатәи ацивилизациа ҳаҵанакуеит. Евроеидгылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ҳрылацәажәозар, ҳара изныкымкаә иаҳҳәахьеит, Бриуссельгьы ибзиаӡаны ирдыруеит ақырҭуа жәлар Бруссель иадҳәаланы претензиақәас ирымоу.  Бриуссель иҟаҵатәу рдыруеит  – Евроеидгыла абиуџьет аҟынтә амчылареи, апропагандеи, ацәымҕратә бызшәеи аҧара рзоушьҭреи Қырҭтәыла алхрақәа рҽалагалареи иаҟәыҵроуп. Абри ауп ақырҭуа жәлар ирҭаху.  Ҳара иашьашәалоу ашьаҿақәа ҳрызҧшуп, аха, макьана аконкреттә шьаҿақәа ҳбом. Бриуссель арҭ апроблемақәа рбар рҭахым», – иҳәеит Папуашвили.