Шьалуа Папуашвили – Аҳәынҭқарра Саакашвили ирласны дыҕәҕәахар ауп иаҭаху, аха Саакашвилии иҩызцәеи аҭагылазаашьа еицәартәыр рҭахуп, ҳара ҳинтересқәа еиқәшәом
Шьалуа Папуашвили – Аҳәынҭқарра Саакашвили ирласны дыҕәҕәахар ауп иаҭаху, аха Саакашвилии иҩызцәеи аҭагылазаашьа еицәартәыр рҭахуп, ҳара ҳинтересқәа еиқәшәом

 

«Аҳәынҭқарра Саакашвили ирласны дыҕәҕәахар ауп иаҭаху, аха Саакашвилии иҩызцәеи аҭагылазаашьа еицәартәыр рҭахуп, ҳара ҳинтересқәа еиқәшәом», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

«Аклиника «Вивамед» адиректор иацы ишҳаиҳәаз ала,  Михаил Саакашвили аҳақьымцәа аус рыциуам. Аҳақьымцәа дышрызныҟәо аабеит. Аҳақьымцәа дырзыӡырҩуам. Амлашьра, аҭакҧхықәра зегьы аҳәынҭқарра адҵара  уҳәа, абри аҩыза ашьаҿақәа рымшала Михаил Саакашвили ишакәым ала ихы мҩаҧигоит, ихы ҧырхага азааигоит.  Фактла иуҳәозар, аҳақьымцәа дырхәышәтәыр рҭахуп.  Аха, ҧсыхәак рымамкәа иаанхеит, избанзар, Саакашвили иҩызцәеи иара иҭагылазаашьа еицәахар ауп ирҭаху», — иҳәеит  Папуашвили.