Сергеи Лавров - Урыстәыла егьырҭ атәылақәа рымпыҵахалара аҭахым, Украина ампыҵахалара ҳаҿым
Сергеи Лавров - Урыстәыла егьырҭ атәылақәа рымпыҵахалара аҭахым, Украина ампыҵахалара ҳаҿым

Урыстәыла егьырҭ атәылақәа рымпыҵахалара аҭахым, Украина ампыҵахалара ҳаҿым, –  иҳәеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Кулеба иҟны аиԥылара ашьҭахь имҩаԥгаз апрессконференциа аҿы.

Лавров иажәақәа рыла, Украина иҟаз аҭагылазаашьа Урыстәылазы ишиашоу ашәарҭа аанарԥшуан.

„Урыстәыла егьырҭ атәылақәа рымпыҵахалара аҭахым. Украина ампыҵахалара ҳаҿым. Изныкымкәа ишыҳҳәахьаз, Украина иҟаз аҭагылазаашьа Урыстәылатәи Афедерациазы ишиашоу ашәарҭа аанарԥшуан. Ахада Путин Донбас иҟаз ахҭысқәа иаахтны дрыхцәажәон, иара убас Пентагон имҩаԥнагоз акциақәа,  Украина иҟаз абиологиатә лабораториа, апатогенез азымҩаԥыргоз аекспериментқәа, ари абиологиатә абџьар аԥҵаразы рхы иадырхәар ахьрылшоз.

Абиологиатә абџьар иазку аконвенциа иҟоуп, уи инақәыршәаны, атәылақәа ртерриториақәа рҿы ари ахырхарҭала имҩаԥырго активрақәа рзы аҳасабрбара аҟаҵаразы аҭакԥхықәра рыдуп. Аха, Украина абџьар азҭо атәылақәа, ибзиаӡаны ирдыруазароуп ари азы аҭа́к аҟаҵара шрықәшәо,” – иҳәеит Сергеи Лавров.