Сергеи Лавров ишааицҳаз, Урыстылеи Украинеи реиҿцәажәара аҿы  иҟоу зҵаарқәак рзы аиқәшаҳаҭра ҟалоит
Сергеи Лавров ишааицҳаз, Урыстылеи Украинеи реиҿцәажәара аҿы иҟоу зҵаарқәак рзы аиқәшаҳаҭра ҟалоит

Урыстылеи Украинеи реиҿцәажәара аҿы иҟоу зҵаарқәак рзы аиқәшаҳаҭра ҟалоит.

Ари атәы иҳәеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров RBK аинтервиу аҿы.

“Ахада Зеленски аинтерес злу ажәалагала ҟаиҵеит. Уи ареализм злаз ахәшьараҭаран,” – иҳәеит Лавров.

Лавров ишазгәеиҭаз ала, уажәы аиҽцәажәараан игылоуп Украина анеитралтә статус иазку азҵаара.

Лавров иажәақәа рыла, Урыстәыла Украинеи Европеи ршәарҭадара агарантиақәа рзы амҩақәа рыԥшаара азыхиоуп, аха Нато арҭбаара ҟалашьа амам.