Иракли  Кобахиӡеи Шьалуа Папуашвилии импыҵахалоу Аҧснынтә зыҧсыбаҩқәа ииагоу ахаҿқәа  руацәа ирыдашшылеит
Иракли Кобахиӡеи Шьалуа Папуашвилии импыҵахалоу Аҧснынтә зыҧсыбаҩқәа ииагоу ахаҿқәа руацәа ирыдашшылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡеи апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии  1990-тәи ашықәсқәа рзы иҟалаз аибашьраан хабарда иӡыз,  импыҵахалоу Аҧснынтә зыҧсыбаҩқәа ааргаз ауаа руацәа  ирыдашшылеит. 

Аиҳабыра рнапхгаҩи апарламент ахантәаҩи   Самеба акафедралтә ныхабааҿ атәылауаҩратә панихидаҿ дыҟан.

Аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр иаппарати Аџьар Ҟаҧшь жәларбжьаратәи комитети русеицурала, акоординациатә механизм аҳәаақәа ирҭагӡаны, хыбарда иӡыз 12ҩык рыҧсыбаҩқәа аидентификациа рзуны, рҭаацәарақәа ирыздырхынҳәит.  

5ҩык аибашьцәа Диҕоми иҟоу Аешьаратә нышәынҭраҿ анышә иамардоит, егьырҭ, руацәа рыӡбарала, аҭаацәаратә нышәынҭрақәа рҿы арратә ҳаҭырла анышә иарҭоит.