Саломе Зурабишвили -  Уажәааигәа Европа  иҳнарбеит Қырҭтәыла аҭышәынтәалареи, адемократиеи, апрогресси иҵабыргны ишазҿлымҳау, дара рзы уи ареалтә хықәки аҳасабтәи шакәу
Саломе Зурабишвили -  Уажәааигәа Европа иҳнарбеит Қырҭтәыла аҭышәынтәалареи, адемократиеи, апрогресси иҵабыргны ишазҿлымҳау, дара рзы уи ареалтә хықәки аҳасабтәи шакәу

«Уажәааны Европа даҽазнык иҳнарбеит Қырҭтәыла аҭышәынтәалареи, адемократиеи, апрогресси иҵабыргны ишазҿлымҳау, дара рзы уи ареалтә хықәки аҳасабтәи шакәу», —  илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Европа амш инамаданы иҟалҵаз аҳәамҭаҿы.

«Европа зехьынџьара Европа амш иазгәарҭоит европатәи ажәларқәеи европатәи аҳәынҭқаррақәеи ракзаара амш ҳасабала.  Абри амш европатәи акультуреи аҭоурыхи аҧызҵаз апринципқәа ирықәгылоуп. Европа аҭоурых ибзиаҵәҟьаны иҳнарбеит апроблема цыҧхьаӡа,   аибашьра цыҧхьаӡа,  ма арыцҳара цыҧхьаӡа еснагь алшара ҿыцқәеи, амч ҿыци, аенергиа ҿыци шрышьҭагылоу.  Иахьа, лаҵара 9 азы, ҳаргьы аҧеиҧш ҭынч ҳақәгәыҕуеит.

Уажәааны Европа иҳнарбеит  Қырҭтәыла крызҵазкәа адгылаҩ ҳасабала ишазныҟәо. Уажәааны Европа даҽазнык иҳнарбеит Қырҭтәыла аҭышәынтәалареи, адемократиеи, апрогресси иҵабыргны ишазҿлымҳау, дара рзы уи ареалтә хықәки аҳасабтәи шакәу, уи аадырҧшит ҳполитикатә кризис аҭыҧқәҵараҿы Европа иреиҳаӡоу анапхгаҩцәа рылахәызаара алагьы.

Европа иҳадгылеит. Европаҟа зхы рхоу амҩа мариам, аха, ҳара, Қырҭтәыла ауааҧсыра реиҳара, ибзиаҵәҟьаны иаадыруеит уи ҧхьаҟа ҳазгаша ареалтә мҩа шакәу.  Европатәи ҳпартниорцәа зегьы, европатәи ҳҩызцәа, Европа инхо ҳуааҧсыра иахьатәи амш рыдысныҳәалоит. Абри амш — иаҳзеиҧшу ныҳәоуп. Ишәыдысныҳәалоит!»- илҳәеит Саломе Зурабишвили.