Саломе Зурабишвили – Страсбургҟа ацара анысыӡбалак, ҧасеиҧш, заанаҵы ишәасҳәоит сызцо, сызҧыло, саныхынҳәлак анеҩстәи алхрақәа рзы аҽазыҟаҵара ҳаицалагоит
«Згәы зыхьуа ақырҭуа уаажәларра срыдгылоит, ҳазынтәгьы ҳгәы ҳахьуеит, избанзар, иахьазы Қырҭтәыла апарламент иҟам, анапхгаратә партиа Аконституциа иаҕрагылеит, сара ирыцҳасшьуеит», — илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили.
Зурабишвили лҳәамҭала, иахьа аҿар роуп зегьы зхьыҧшу.
«Ари атәылаҿ абиҧара ҿыц, аполитикатә мчқәа ҿыц цәырҵроп, дара ахҭысқәа зегьы ҽакала ирхысроуп, Каландаришвили иеиҧш акәымкәа, ламысла, рхы иақәиҭны, ари аамҭа ааигәахоит», — илҳәеит Зурабишвили.
Лара лажәақәа рыла, уажәазы зегьы реиҳа ихадоу, — аидгылароуп.
«Ҳара аҽазыҟаҵара ҳалагар, ҳхы ҳақәгәыҕроуп, ҳпартниорцәа ҳрықәгәыҕроуп, аиашаз, дара Қырҭтәыла ааныжьра ргәы иҭам. Агәра ганы ҳаҟазароуп ари атәыла аҧеиҧш лаша шаиуа. Страсбургҟа ацара анысыӡбалак, ҧасеиҧш, заанаҵы ишәасҳәоит сызцо, сызҧыло, саныхынҳәлак анеҩстәи алхрақәа рзы аҽазыҟаҵара ҳаицалагоит», — илҳәеит Зурабишвили.