Саломе Зурабишвили – Қырҭтәыла иахьақәнагоу ауп сахьыҟоу,  Зеленскии Украинеи срывагылоуп, аиҩызарала иаҳзыҟоу атәыла ахақәиҭра ианазықәҧо  ҳаргьы ҳрывагылоуп  
Саломе Зурабишвили – Қырҭтәыла иахьақәнагоу ауп сахьыҟоу,  Зеленскии Украинеи срывагылоуп, аиҩызарала иаҳзыҟоу атәыла ахақәиҭра ианазықәҧо  ҳаргьы ҳрывагылоуп  

Қарҭ, Русҭавели имҩаду аҿы имҩаҧысуаз акциаҿы Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвилии Украина ахада Владимир Зеленскии   иҟарҵаз авидеоааҧхьара ддырбеит.

Ааҧхьараҿы Қырҭтәыла ахада ишылҳәаз ала, лара Қырҭтәыла иахьақәнагоу ауп дахьгыло, ахада Зеленскии Украинеи дрывагылоуп.

«Иахьа сара Қырҭтәыла иахьақәнагоу ауп сахьыҟоу,  Зеленскии Украинеи срывагылоуп. Ҳкультуреи ҳтрадициақәеи шәыжәлар ркультуреи ртрадициақәеи еиҧшуп,  аиҩызарала иаҳзыҟоу атәыла ахақәиҭреи, ахьыҧшымреи, европатәи аҧеиҧши  ианазықәҧо ҳаргьы ҳрывагылоуп. Ҳаргьы уа ҳаҟоуп, уа ҳаҟазаауеит, араантәи ахада Зеленски ҳадгылара изаасырҧшыр сҭахуп. Шәара шәоуп иахьа Қырҭтәыла аҳаҭыр аазырҧшуа. Убри азыҳәан ҭабуп ҳәа шәасҳәоит», — илҳәеит Саломе Зурабишвили ааҧхьараҿы.