Саломе Зурабишвили – Ҧасатәи ахада игәабзиара ҧырхага азаагара  иазку аихшьала аӡбарҭашҟа инагатәуп, аӡбарҭа ақәҵара иаша аднакылап ҳәа сгәыҕуеит
Саломе Зурабишвили – Ҧасатәи ахада игәабзиара ҧырхага азаагара  иазку аихшьала аӡбарҭашҟа инагатәуп, аӡбарҭа ақәҵара иаша аднакылап ҳәа сгәыҕуеит

«Ҧасатәи ахада игәабзиара ҧырхага азаагара  иазку аихшьала аӡбарҭашҟа инагатәуп, аӡбарҭа ақәҵара иаша аднакылап ҳәа сгәыҕуеит», — илҳәеит Қырҭтәыла ахада  Саломе Зурабишвили.

Қырҭтәыла ахада ишазгәалҭаз ала, лара Михаил Саакашвили игәабзиара аҭагылазаашьа хшыҩзышьҭрала дацклаҧшуеит.

«Михаил Саакашвили игәабзиара аҭагылазаашьа  есымша хшыҩзышьҭрала сацклаҧшуеит,  избанзар ари азҵаара ҳтәыла арепутациазы иаҵанакәа рацәоуп ҳәа сгәы иаанагоит.  Садминистрациа ахаҭарнакцәа  еиҧҟьарада еиуеиҧшым аконсилиумқәа ирҧылоит.  Абри аҩыз аиҧылара иахьагьы имҩаҧысуеит. Сара секспертым,  абри аҩыза аихшьаала сзыҟаҵом,  абри аҩыза аинформациа сымам,  аха,  игәабзиара ҧырхага ду азаагазар,  аихшьаала аҟаҵара изуалу ауааҧсыра роуп уи ҟазҵаша,  дара ари аихшьаала аӡбарҭашҟа инаргароуп,  нас,  аӡбарҭа ақәҵара иаша аднакылап ҳәа сгәыҕуеит. Убри ала 2 хырхарҭак рыла апроблемақәа рыӡбоит,  раҧхьа иргыланы игәабзиара иадҳәалоу апроблема,  игәабзиара,  иҵабыргны,  ҧырхага ду азаагазар,  аӡбара  иашьашәалоу ақәҵара аднакылароуп,  насгьы,  убри ала,  аӡбарҭа ахьыҧшымра аарҧшызаауеит,  уигьы ҳтәыла арепутациазы аҵакы ду амоуп.  Аӡбарҭа аихшьаала иашьашәалоу,  аӡбарҭа иахәҭоу ақәҵара аднакылар,    ахатә хьыҧшымра ҳзышьақәнарҕәҕәоит. Адукатцәа роуп аихшьаала аӡбарҭашҟа анагара изуалу», — илҳәеит Саломе Зурабишвили.