Саломе Зурабишвили -  Леқсо Лашкарава иҧсра  - атәылазы арыцҳара дууп, аусеилыргара мҩаҧганы, абри арыцҳара зхароу ауаа зегьы ахьырхәра ҕәҕәа рыҭатәуп
Саломе Зурабишвили -  Леқсо Лашкарава иҧсра  - атәылазы арыцҳара дууп, аусеилыргара мҩаҧганы, абри арыцҳара зхароу ауаа зегьы ахьырхәра ҕәҕәа рыҭатәуп

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили  ишылҳәаз ала, ателеҭыхҩы Леқсо Лашкарава иҧсра иадҳәаланы аусеилыргара мҩаҧганы, абри афакт зхароу ауааҧсыра зегьы ахьырхәра ҕәҕәа рыҭатәуп.

«Атәыла ахада лаҳасабала, саргьы, ҳтәылагьы, ҳәарада, аҭаацәарагьы, ҳазынтәгьы арыцҳара ду ҳақәшәеит.  Аусеилыргара мҩаҧганы, абри афакт зхароу ауааҧсыра зегьы ахьырхәра ҕәҕәа рыҭатәуп», — илҳәеит атәыла ахада.

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили  ателехыҭҩы Леқсо Лашкарава дзыҩназ ауадашҟа днеины,  хаҭала иҭаацәара дрыдашшылеит.

Рашәара 5 рзы иҟалаз ахҭысқәа раан цәгьала ирпҟаз ателееилахәыра «Пирвели» аҭыхҩы Леқсо Лашкарава иахьа шьыжьымҭан дыҧсит.

Иҧсра зыхҟьаз макьана еилкаам.

Леқсо Лашкарава  мышқәак ахәышәтәырҭа дҭан,  нас,  аҩныҟа доурыжьҭит.

Ателеҭыхҩы иҧсра афакт азы аусеилыргара иалагахьеит.