Саломе Зурабишвили – Ҳара уажәгьы иаҳзеилымкааит аиҿагылара акгьы шаҳнамҭо,  ҳҧеиҧши атәыла аидҵареи ҳаналацәажәо иазҧхьагәаҳҭом аибазыӡырҩреи аицынхареи ҳзымҵар абри ахықәкы анагӡара шҳалымшо
Саломе Зурабишвили – Ҳара уажәгьы иаҳзеилымкааит аиҿагылара акгьы шаҳнамҭо,  ҳҧеиҧши атәыла аидҵареи ҳаналацәажәо иазҧхьагәаҳҭом аибазыӡырҩреи аицынхареи ҳзымҵар абри ахықәкы анагӡара шҳалымшо

Қырҭтәыла ахада  «Ниу Ҳоспиталс» аҿы зҽызыхәшәтәуа АИХ ахаҭарнакцәа дышрыдгыло аалыцҳан, амчылара дақәыӡбаны, иахьа Қарҭ иҟалаз ахҭысқәа дшаргәамҵуа лҳәеит.

«Сара аахақәа зауз ажурналистцәа збеит. Руаӡәы аоперациа изыҟарҵеит. Уажәазы цқьа исыздырӡом ахадаратә принципқәас иҳамоу, ашәышықәсақәа рацәа рыҩнуҵҟа иҳамаз аибачҳара ҳхашҭит.

Сара уи сзақәшаҳаҭхом! Уи сара издыруа Қырҭтәыла акәӡам, уи ақырҭуа традаициақәа ракәӡам, арелигиа акәӡам, ҳтәылазы иаҳҭаху аҧеиҧш акәӡам.

Ҳара уажәгьы иаҳзеилымкааит аиҿагылара акгьы шаҳнамҭо. Сара аполитикатә полемика салацәажәозҭгьы  —  уи аиҿагыларазы аформа заҵәым.

Иахьа иҟалаз зегьы ауаажәларратә аиҿагылароуп.

Ҳаамҭазтәи аҭоурых аҿы ҳара уи ҳахысхьеит, ҳаиҭахысыр ҳҭахым. Цқьа ҳазхәыцны, ибзианы еилаҳкаароуп  ҳҧеиҧши атәыла аидҵареи ҳаналацәажәо абри зегьы шыҟамло  аибазыӡырҩреи аицынхареи ҳзымҵар», — илҳәеит Саломе Зурабишвили.