Саломе Зурабишвили – Ҳара апарламенттә алхрақәа мацара ракәымкәа, анеҩстәи амш азгьы - акаолициатә аиҳабыра аиҿкааразгьы ҳахиазароуп
Ҳара апарламенттә алхрақәа мацара ракәымкәа, анеҩстәи амш азгьы – акаолициатә аиҳабыра аиҿкааразгьы ҳахиазароуп, — илҳәеит Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Саломе Зурабишвили.
Зурабишвили ишазгәалҭаз ала, анапхгаратә партиа аҩныҵҟа апроблемақәа шыҟоу убарҭоуп.
«Абри аҩыза аформатаҿ раҧхьатәи аиҧылара мҩаҧган. Ҳара Евроеидгыла ахаҭарнакцәа зегьы ҳарҧылеит. Аиҧылара аибадырратә ҟазшьа аман. Ҳплатформа иазкны ирзеиҭаҳҳәеит. Апартиақәа зегьы рыдкылара ҳазыхиоуп, урҭ ҳпринципқәа ирықәшаҳаҭзар.
Апарламенттә алхрақәа хымҧада имҩаҧгахоит. Ҳара апарламенттә алхрақәа мацара ракәымкәа, анеҩстәи амш азгьы – акаолициатә аиҳабыра аиҿкааразгьы ҳахиазароуп», — илҳәеит Зурабишвили.