Саломе Зурабишвили -  Ажәлар рыхьчареи акризис алҵреи ҳҭахызар, авакцинациа ҳхәы иаҳархәароуп, сара агәра ганы сыҟоуп ауадаҩрақәа зегьы ҳашрылҵуа
Саломе Зурабишвили -  Ажәлар рыхьчареи акризис алҵреи ҳҭахызар, авакцинациа ҳхәы иаҳархәароуп, сара агәра ганы сыҟоуп ауадаҩрақәа зегьы ҳашрылҵуа

Қырҭтәыла ахада  Саломе Зурабишвили ишылҳәаз ала, акоронавирус аҽыхьчаратә вакцинациа аҵакы ду амоуп ажәлар рыхьчареи акризис аҟынтә атәыла алгареи азыҳәан.

Иахьа  Саломе Зурабишвили,  аргама, авакцина  AstraZeneka алаҵа ҟалҵеит.

«Иахьа сара, изаамҭаным алаҵа ҟасҵеит, избанзар сара ҷыдала ашәарҭара иҭагылоу агәыҧ саҵанакәам.  Раҧхьа иргыланы, амедицинатә персонал роуп авакцина ззыҟаҵатәу. Анеҩс, егьырҭ агәыҧқәагьы раамҭа аауеит.  Аглобалтә пандемиа иахылҵуа иуадаҩӡоу аекономикатә проблемақәа ҳрылҵыр ҳҭахызар, ажәлари атәылеи рыхьчареи акризис алҵреи азыҳәан,  иҳарҭо алшара ҳхы иаҳархәароуп. Агәабзиара шәзеиҕьасшьоит. Агәра ганы сыҟоуп ауадаҩрақәа зегьы ҳашрылҵуа», — илҳәеит  Саломе Зурабишвили.