Саломе Зурабишвили  Азербаиџьан аиҧыларақәа мҩаҧылгеит
Саломе Зурабишвили  Азербаиџьан аиҧыларақәа мҩаҧылгеит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Бақәа дыҟоуп. Азербаиџьантәи АИХ адыррақәа рыла, иахьа Саломе Зурабишвили азербаиџьантәи лколлега Илҳам Алиев диҧылеит.

Қырҭтәыла ахада Бақәа имҩаҧысуа  9-тәи Аглобалтә Бақәатәи афорум  «Аглобалтә адунеиеиҿкаашьа апроблемақәа» лхы алалырхәоит.

Ахада ладминистрациаҿы ишырҳәаз ала, иахьа Саломе Зурабишвили Азербаиџьанынтә дхынҳәны, Европа ашҭаҿы имҩаҧысуа акциа лхы алалырхәоит.