Америка Азербаиџьани Шәамахьтәылеи ирыднагалоит анеҩстәи 100 шықәса рыҩныҵҟа Зангезуртәи акорридор ахылаҧшра
Америка Азербаиџьани Шәамахьтәылеи ирыднагалоит анеҩстәи 100 шықәса рыҩныҵҟа Зангезуртәи акорридор ахылаҧшра
Америка Азербаиџьани Шәамахьтәылеи ирыднагалоит Зангезуртәи акорридор анапхгара аҭара.
Ҭырқәтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Том Барак ишиҳәаз ала, Америка аганқәа ирыднагалоит анеҩстәи 100 шықәса рыҩныҵҟа, 32 километр аура змоу Зангезуртәи акорридор ахылаҧшра.
Том Барак иажәақәа рыла, убасҟан, аҩ-ганк ари акорридор ахархәара рылшоит.
Адипломат ишиҳәаз ала, америкатә аган Азербаиџьани Шәамахьтәылеи адипломатиатә аиҿцәажәарақәа рҿы ирыцхраар рҭахуп.