Саломе Зурабашвили - Қырҭтәыла аиҳабыра абалланс змоу апозициа ҳамоуп ҳәа ҳәаны, рҽеиқәыҭхит
Саломе Зурабашвили - Қырҭтәыла аиҳабыра абалланс змоу апозициа ҳамоуп ҳәа ҳәаны, рҽеиқәыҭхит

Қырҭтәыла аиҳабыра адемократиатә аиҩызара аҟынтә аҽеиҟәыҭхоуп, Қырҭтәыла аиҳабыра абалланс змоу анеитралтә апозициа ҳамоуп ҳәа рҳәоит, ари даара сгәы снархьоит, – илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Орбелиани ихан аҿы Украина аибашьра алагара инамаданы имҩаԥгаз ауснагӡатә аҿы.

Ахада лажәақәа рыла, еиԥшу аҭагылазаашьаҿ знык иҟаз, аӷа зсуверенитет зхьыԥшымреи еилазгаз атәыла, ампыҵахалара аҵаҟа иҟоу атәыла абри еиԥш апозициа амамзароуп.

“Қырҭтәыла ауаажәларра рхатә позициа ибзиаӡаны аанарԥшит, илаалшоз ала аиҩызаратә тәыла адгылара азышьақәнарӷәӷәеит. Қарҭтәи амақәа рҿы иубарҭан ауаа ргәаанагара зеиԥшроу. Сара, ари атәыла ахада иаҳасаб ала, иахьсылшоз зехьынџьара Қырҭтәыла Украина шадгыло шьақәсырӷәӷәеит”, – илҳәеит Зурабишвили.

“Сгәы шаанаго ала, Қырҭтәыла ахада иахьа Украина дыҟазар акәын, аха сара ааԥхьара смоуит. Аха, апарламент аиуз ааԥхьара иахәамԥшыкәа, аделегациа Украинахь рмышьҭит. Ари даара сгәы снархьоит”, – илҳәеит Қырҭтәыл ахада.