„Роитер“ -  Евроеидгылаҿ аусадырулоит Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа ажәабатәи апакет  
„Роитер“ -  Евроеидгылаҿ аусадырулоит Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа ажәабатәи апакет  

„Роитер“ адыррала,   Евроеидгылаҿ аус адырулоит Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа ажәабатәи апакет.

Европатәи адипломатцәа рҳәамҭала, асанкциақәа апакет ҿыц жәабран 24-нӡа идырмазеир ҟалап. Евроеидгылаҿ макьана ирҳәом апакет ҿыц  ала изакәытә аҧкрақәоу ишьақәдыргыло.

Адипломатцәа рыхәҭак, асанкциақәа ажәабатәи апакет азҵаара аӡбара рҽазыркуеит ажьырныҳәа 23 рзы имҩаҧсраны иҟоу адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реилатәараҿы.

Иара убас, Евроеидгыла иалоу атәылақәа, Украиназы иазҧхьагәаҭоу арратә цхыраара  – 500 миллион евро иаҧсоу анеҩстәи атраншгьы шьақәдырҕәҕәар рҭахуп, аха, Венгриа уи иақәшаҳаҭым.