Реџьеп Таип Ердоҕан аиқәырхаратә операциа иалахәыз ақырҭуа аиқәырхаҩцәа анашьамҭақәа риҭеит
Реџьеп Таип Ердоҕан аиқәырхаратә операциа иалахәыз ақырҭуа аиқәырхаҩцәа анашьамҭақәа риҭеит

 

Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоҕан, Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысра ашьҭахь Адыиамани Антакиеи ақалақьқәа рҿы аиқәырхаратә операциа иалахәыз ақырҭуа аиқәырхаратә гәыҧ анапхгара рзызуаз аполковник Мамука Сеҧиашвили  анашьамҭа ҷыда  –  «Иҳаракӡоу Ахамеигӡара аорден» ианеишьеит.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра.

«Анкара, апрезиденттә аханаҿ имҩаҧгаз ауснагӡатә ҷыдаҿ,  Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоҕан   аиқәырхаратә операциа иалахәыз ақырҭуа аиқәырхаратә гәыҧ анапхгара рзызуаз аполковник Мамука Сеҧиашвили  анашьамҭа ҷыда  –  «Иҳаракӡоу Ахамеигӡара аорден» ианеишьеит. Ахада Ердоҕан иара ихаҭа аиқәырхаҩцәа аҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Қырҭтәыла аҧыза-министр иӡбарала, ақырҭуа аиқәырхаратә гәыҧ, арыцҳара аныҟала аҽныҵәҟьа,  Ҭырқәтәылаҟа идәықәлеит.  200ҩык раҟара аиқәырхаҩцәа ҩ-қалақьк рҿы  18 мшы аиқәырхаратә усурақәа мҩаҧыргон“, — иануп Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.