Реџьеп Таип Ердоҕан афранцыз парламент арезолиуциа  "акатастрофа наӡа" ахьӡиҵеит
Реџьеп Таип Ердоҕан афранцыз парламент арезолиуциа  "акатастрофа наӡа" ахьӡиҵеит

Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоҕан афранцыз парламент арезолиуциа  “акатастрофа наӡа” ахьӡиҵеит. Ари аинформациа аладырҵәеит аҭырқәа АИХ.

«Ари аӡбара рыдыркылеит Минсктәи агәыҧ ахантәаҩцәа иреиу аҳәынҭқарра, Франциа апараламент аҿы. Абри аӡбара аҭыӡшәа аҳәаақәа ирҭыҵуа акатастрофа наӡа ауп», —  иҳәеит Ердоҕан автомагистраль ҿыц аартра ацеремониаҿы.

Ердоҕан ишиҳәаз ала, зыӡбахәы ҳәоу аӡбара дзақәшаҳаҭхом, избанзар уи Азербаиџьан аҵакырадгьылтә акзааразы ажәылароуп. Ҭырқәтәыла ахада иажәақәа рыла,  Азербаиџьан,  30 шықәса рыҩнуҵҟа Шәамахьтәыла анапаҿы иҟаз ахатә территориақәа  рырхынҳәра ауп хықәкыс иамаз.

Ҧхынҷкәын 3 рзы ирыдыркылаз арезолиуциа ала,  Франциа апарламент атәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟарҵоит Ашьхатә Ҟарабах ахьыҧшымра иазхарҵарц. Адокумент абжьагаратә ҟазшьа амоуп.