Рати Брегаӡе  - Михаил Саакашвили Гьаргь Абрамишвили ихьӡ зху арратә госпиталь ахь ииагара идаагалоит
Рати Брегаӡе  - Михаил Саакашвили Гьаргь Абрамишвили ихьӡ зху арратә госпиталь ахь ииагара идаагалоит

«Михаил Саакашвили Гьаргь Абрамишвили ихьӡ зху арратә госпиталь ахь ииагара идаагалоит», — иҳәеит абрифинг аҿы аиустициа аминистр Рати Брегаӡе.

«Ауаҩы игабзиареи иҧсҭазаареи ахьчара амзызла, Страсбургтәи аӡбара ақәҵара анаӡаразы,  Михаил Саакашвили ари ақәҵара шынаимгӡазгьы, иара  Гьаргь Абрамишвили ихьӡ зху арратә госпиталь ахь ииагара идаагалоит.  Уаҟа игәабзиареи иҧсҭазаареи ихьчазаауеит аҳәынҭқарра ала.  Ахәышәтәратә курс данахыслак, иара апенитенциатә усбарҭа  №12 ашҟа диаргоит.  Иара убас, иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп, абандаҩы ииагареи аҳақьымцәа русуреи иаҧырхагахар зылшо изакәызаалак провокациак ҟалар,  Саакашвили аусбарҭа  №18 ашҟа ддырхынҳәуеит», — иҳәеит аминистр.