Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Иеиду Араҧтәи Емиратқәа ахада, ашеих Муҳаммед  бин Заид Аль Наҳаиан диԥылеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Иеиду Араҧтәи Емиратқәа ахада, ашеих Муҳаммед бин Заид Аль Наҳаиан диԥылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Иеиду Араҧтәи Емиратқәа ахада, ашеих Муҳаммед  бин Заид Аль Наҳаиан диԥылеит.

Қырҭтәыла аиҳа́быра рнапхгаҩи ақырҭуа делегациеи Иеиду Араҧтәи Емиратқәа ахада, ашеих Муҳаммед  бин Заид Аль Наҳаиан ихатә резиденциаҿ идикылеит. 

Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәылеи Иеиду Араҧтәи Емиратқәеи рыбжьара еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы қәҿиарала имҩаҧысуа аусеицуреи, ахәаахәҭра-економикатәи аинвестициатәи еимадарақәеи иаҳа рырҭбара иазку азҵаарақәеи.

Ари аконтекст аҿы иазгәаҭан Абу-Даби аҳәынҭқҟарратә инвестициатә еилахәыра Abu Dhabi Ports Group апроект аҵакы. Зыӡбахәы ҳәоу аилахәыра Абжьаратә корридор аҿиара апроцесс активла иалахәып. Ари аилахәыра апроект  «Қарҭтәи ибоу абаҕәаза» мҩаҧнагоит, апроект хыркәшахоит  2025 шықәсазы. Ақырҭуа аган,  астратегиатәи, алогистикатәи, атранспорттәи проектқәа рынагӡаразы ари аилахәыраҟны аусеицура арҭбаара ргәы иҭоуп.