Қырҭтәыла аҧыза-министр ENQA-и, EQAR-и, WFME-и, ESU-и рхаҭарнакцәа дырҧылеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Иреиҳаӡоу аҵара ахаҭабзиара аиқәыршәара европатәи ассоциациеи (ENQA), Иреиҳаӡоу аҵара ахаҭабзиара аҿиара ихьыҧшым агентрақәа европатәи ареестри (EQAR), Амедицинатә аҵара адунеизегьтәи афедерациеи (WFME), Европатәи астудентцәа рассоциациеи (ESU) рхаҭарнакцәа дырҧылеит.
Аиҧылараҿы аҧыза-министр аҵара аусхкы аҿы имҩаҧыргараны иҟоу шьаҭанкылатәи аиҭакрақәа дрылацәажәан, ишазгәеиҭаз ала, ари ареформа иреиҳаӡоу аҵара асистема шьаҭанкыла аҧсахра иазкуп. Иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәыла аҵаратә система аҿиара апроцессаҿ жәларбжьаратәи апартниорцәа активла рылахәызаареи урҭ рҟынтә адгылареи аҵакы.
Хшыҩзышьҭра азун аҵара бзиа аиура алшара аизырҳареи, астудент изыманшәалоу аҵаратәи аҵарадырратәи процессқәа рымҩаҧгареи, иреиҳаӡоу аҵара асистемаҿы ииашаны априоритетқәа рҳәаақәҵареи, иреиҳаӡоу аҵара асистема аинтернационализациеи аҵакы.
Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылара рхы аладырхәит Иреиҳаӡоу аҵара ахаҭабзиара аиқәыршәара европатәи ассоциациа (ENQA) ахада Дуглас Блеқстоки, Европа иреиҳаӡоу аҵара ахаҭабзиара аиқәыршәара ареестр (EQAR) ахада Стефане Лаувики, Иреиҳаӡоу аҵара ахаҭабзиара аҿиара ихьыҧшым агентрақәа европатәи ареестр (EQAR) адиректор Алеқсандр Сусниари, Амедицинатә аҵара адунеизегьтәи афедерациа (WFME) ахада Рикардо Леон-Боркези, Европатәи амедицинатә школқәа рассоциациа (AMSE) ахада Ҳарм Питерси, Ацентртәи Мрагыларатәи Европа иреиҳаӡоу аҵара ахырхарҭала ахаҭабзиара аиқәыршәара агентрақәа раҳа (CEENQA) ахада Весна Додикович-Џьурковичи, Европатәи ауниверситетқәа рассоциациа (EUA) ахада Маурицио Тиреи.
Аҵара жәларбжьаратәи ассоциациақәеи аҳақәеи рхаҭарнакцәа Қарҭ иҟоуп жәларбжьаратәи аконференциа аҳәаақәа ирҭагӡаны.