Қырҭтәыла аҧыза-министр Ҭырқәтәыла атранспорти аинфраструктуреи рминистр диҧылеит 
Қырҭтәыла аҧыза-министр Ҭырқәтәыла атранспорти аинфраструктуреи рминистр диҧылеит 

 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла-Ҭырқәтәылатәи аиҳабырабжьаратә комиссиа 6-тәи аилатәара аҽалархәразы Қарҭ иаҭааиз Ҭырқәтәылатәи ареспублика атранспорти аинфраструктуреи рзы аминистр Абдулқадир Уралоҕлу диҧылеит.

Аиҧылараҿы ҩ-тәылак рстратегиатә партниорреи аусеицура арҭбаара аперспективақәеи ирылацәажәеит. Иаҵшьны иазгәаҭан ҩ-ганктәи ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа иаҳа рырҭбаара апроцессаҿ азеиҧш економикатә комиссиа инанагӡо ароль.

Аганқәа рхаҭарнакцәа аимадарақәа рырҭбаара иацхраауа арегионалтәи астратегиатәи аҵакы змоу аинфраструктуратә проектқәагьы ирылацәажәеит.

Иара убас, хшыҩзышьҭра рызун арегионаҿ имҩаҧысуа апроцессқәеи Аахыҵ Кавказаҿ аҭынчра иамоу аҵакы ҷыдеи. Аҧыза-министр даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла аиҳабыра адиалог ацхраареи, убри ала арегионаҿ акыраамҭалатәи аҭынчреи аҭышәынтәалареи аиқәыршәареи ишазыхиоу.

Аиҧылара рхы аладырхәит Қырҭтәыла аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Мариам Қвривишвилии, Қырҭтәыла аинфраструктура аминистр Реваз Сохаӡеи, Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиании.