Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Рыцҳарас иҟалаз, аофициалтә Киев аиҩызаратә ҳәынҭқарреи ажәлари ирыдҳәаланы адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рескалациа аформа цәгьа рхы иадырхәоит
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Рыцҳарас иҟалаз, аофициалтә Киев аиҩызаратә ҳәынҭқарреи ажәлари ирыдҳәаланы адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рескалациа аформа цәгьа рхы иадырхәоит

«Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра агәынамӡара аанарҧшуеит  Украина иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ аконсультациақәа рымҩаҧгара амзызла ари атәыла ақәҵра идцалара амшала.  Рыцҳарас иҟалаз, аофициалтә Киев аиҩызаратә ҳәынҭқарреи ажәлари ирыдҳәаланы адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рескалациа аформа цәгьа рхы иадырхәоит», — иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.

Аҳәамҭа ишану ала,  украинатәи аган излацәажәо амзызқәа еилкаам.

«Страсбургтәи аӡбарҭа ақәҵара  Михаил Саакашвили игабзиара аҭагылазаашьа иадҳәалаз аспекулиациақәа рҵыхәа ҧнаҵәеит,  ари ақәҵара даҽазнык ишьақәнарҕәҕәеит ақырҭуа ҳәынҭқарра Михаил Саакашвили изинқәа зегьы ишрықәныҟәо.  Абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы Украина анапхгара ирыдыркылаз аӡбара 2 тәылак рстратегиатә еизыҟазаашьақәа ирҧырхагоуп,  уи ихьыҧшым аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа ишиашо рҽалагалароуп иаанаго.

Аофициалтә Киев ахаҭарнакцәа рыӡбара еиҭахәаҧшны,  2 тәылак рыбжьара аҭоурыхтә еиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырҿиара иацхрааша ашьаҿа ҟарҵап ҳәа ҳгәыҕуеит.

Даҽазнык иаҵшьны иазгәаҳҭар ҳҭахуп Қырҭтәыла Украина ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло,  аукраин жәлар ишрыдгыло.

Иара убас,  иазгәаҳҭар ҳҭахуп Қырҭтәыла наҟ-наҟгьы Украина ишадгыло,  избанзар ари атәыла аибашьра иаҿуп. Украина аибашьра иахьаҿу азоуп ақырҭуа аган,   жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рганахьалагьы апартниорцәа рҿаҧхьагьы аҭакҧхықәра ду шрыду еилкааны,  уажәазы,  Украина анапхгара иҟарҵо ашьаҿақәа иацҵаны ақәҿыҭра зрырымҭо,  избанзар уезгьы иуадаҩу аҭагылазаашьа алҵшьак змам амҩаҿахцәа иҭагылар ауеит», — иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.