Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра -  Андреи Касианов иҟны аиҧылараан иаҵшьны иазгәаҭан шьаҭа зҵам аҳәамҭақәа ҩ-тәылак реиҩызара ишацымхраауа
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра -  Андреи Касианов иҟны аиҧылараан иаҵшьны иазгәаҭан шьаҭа зҵам аҳәамҭақәа ҩ-тәылак реиҩызара ишацымхраауа

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра –  Андреи Касианов иҟны аиҧылараан иаҵшьны иазгәаҭан шьаҭа зҵам аҳәамҭақәа ҩ-тәылак реиҩызара ишацымхраауа

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа аланарҵәеит аминистр актәи ихаҭыҧуаҩ Лаша Дарсалиеи Қырҭтәылаҿ Украина аамҭалатәи ахаҭарнак Андеи Касианови реиҧылара иазкны.

Аусбарҭа адыррала, Андреи Касианов Украина атәылауаа Қырҭтәылантә ревакуациа алшара иазкны иҟаиҵаз аҳәамҭа иадҳәаланы аилыркаарақәа ҟаиҵарц иҳәеит.

«Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаҧгаз аиҧылараан иаҵшьын иазгәаҭан аофициалтә Киев апозициа. Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы  имҩаҧгаз аиҧылараан Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ даҽазнык изышьақәдырҕәҕәеит украинатәи аган Қырҭтәыла ишаҭабуу аполитикатә адгылареи агуманитартә цхыраареи азыҳәан, иара убас, украинатәи аган ишырҳәаз ала, Қырҭтәыла инхо украинаа ашәарҭара иҭагылоуп ҳәа ирыҧхьаӡом. Андреи  Касианов иҟны аиҧылараан иара иҟаиҵаз аҳәамҭа иадҳәаланы ишазгәаҭаз ала,  абри аҩыза, шьаҭа зҵам аҳәамҭақәа  ҩ-тәылак реиҩызара иацхраауам», — иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.