Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили ИУНЕСКО агенералтә директор Одри Азулаи дылҧылеит
Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили ИУНЕСКО агенералтә директор Одри Азулаи дылҧылеит

ИУНЕСКО  43-тәи асессиа Аконференциа хада аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили ИУНЕСКО агенералтә директор Одри Азулаи дылҧылеит.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа инақәыршәаны, аганқәа рхаҭарнакцәа, акультуреи, аҵареи, аҵарадырреи аусхкқәа рҿы  Қырҭтәылеи ИУНЕСКОи русеицуреи аизыҟазаашьақәа рырҭбаара апеспективақәеи ирылацәажәеит.

Мака Боҷоришвили   Одри Азулаи ҭабуп ҳәа лалҳәеит аусеицуреи Қырҭтәыла акультуратә ҭынхара ахьчара ацхраареи азыҳәан.

Иара убас, аиҧылараҿы, Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы акультуратә ҭынхара ахьчара азҵаара иазааҭгылеит.

Одри Азулаи ақырҭуа аган ҭабуп ҳәа ралҳәеит ИУНЕСКО аусура активла алахәызааразы.