Қарҭ ахадара   100 шықәса еиҳаны изхыҵуа ауаа рзы зныктәи аҧаратә цхыраара 10 000  лари аҟынӡа азнарҳауеит
Қарҭ ахадара   100 шықәса еиҳаны изхыҵуа ауаа рзы зныктәи аҧаратә цхыраара 10 000  лари аҟынӡа азнарҳауеит

«100 шықәса еиҳаны изхыҵуа ауаа рзы зныктәи аҧаратә цхыраара» апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қарҭ ашәҟәы иҭаҩу ауааҧсыра,   1000 лари ацынхәрас  10 000 лари роуеит.

Қарҭ ахадара аиҳабыра реилатәараҿы ари атәы ааицҳаит аҳҭнықалақь ахада Каха Калаӡе. Иара ишиҳәаз ала, сынтәатәи абиуџьет аҿы  иазҧхьагәаҭоуп асоциалтә программақәагьы.

«Аҧара аиуразы, атәылауаҩ, ма ихаҭарнак, Агәабзиарахьчара ақалақьтә маҵзура арзаҳал алеиҵароуп. Арзаҳал иацзароуп  100 шықәса зхыҵхьоу ауаҩы ихаҭара зыршаҳаҭуа агәраргагеи Атәылауаҩратә реестр аҟынтә аинформациатә картеи.  2025 шықәсанӡа ари апрограмма зхы иазырхәахьоу  ауааҧсыра арзаҳал алаҵара рҭаххом, дара ишиашоу аҧара рзиаргоит», — иҳәеит Қарҭ ахада.