Қарҭ ахадара ацхыраарала, Ареспублика ашҭаҿ аклассикатә машьынақәа рцәыргақәҵа мҩаҧысуеит. Аусмҩаҧгатә аҿы ицәыргоуп 150 раҟара ретро-машьынақәа.
Аҳҭнықалақь ахада Каха Калаӡе иҳәамҭала, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аклассикатә машьынақәа ирыдҳәаланы иакымкәа азакәанҧҵаратә инициативақәа дырмазеит, урҭ равторцәеи зыӡбахәы ҳәоу аусмҩаҧгатә аиҿкааҩцәеи дреиуп Арчил Ҭалакваӡе.
«Қырҭтәыла амашьынақәа бзиа ирбоит, ҷыдала аклассикатә машьынақәа. Ақалақь ахадара ари апроект иадгылоит. Астатистика ҳахәаҧшыр, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Қырҭтәыла аҭоурыхтә машьынақәа рхыҧхьаӡара ацлеит, уи убарҭоуп иахьатәи аусмҩаҧгатә алагьы. Аклуб иалоуп 250ҩык. Ҳара абри аҩыза апроектқәа рынагӡара ҳадгылоит, излауа ала ирацәаны ауааҧсыра ари ахырхарҭа иазҿлымҳахарц азыҳәан», — иҳәеит Каха Калаӡе.