Польша аофициалла Германтәыла адҵаалеит "Леопард" атанкқәа Украина аҭара зин аиуразы
Польша аофициалла Германтәыла адҵаалеит "Леопард" атанкқәа Украина аҭара зин аиуразы

Польша аофициалла Германтәыла адҵаалеит “Леопард” атанкқәа Украина аҭара зин аиуразы. Ари атәы ааицҳаит Польша Атәылахьчара аминистр Мариуш Бланшчак.

“Германтәыла ҳадҵаалеит “Леопард-2” атанкқәа Украина аҭара зин аиуразы.

Германтәылатәи аган ахь ааԥхьара ҟасҵоит “Леопард – 2″ атанкқәа Украина аҭара иадгыло атәылақәа ркоалициа алаларц. Ари иаҳзеиԥшу усуп, ари Европа зегьы ашәарҭадара иадҳәалоуп”, – иҳәеит Мариуш Бланшчак.ეთის თავდაცვის მინისტრმა.