Питер Стано – Евроеидгыла Лукашенко Аҧсны ивизит иақәыӡбоит, ари авизит Аҧсны аҵакырадгьылаҿ азакәантә напхгара заҵәы - Қырҭтәыла анапхгара рықәшаҳаҭхарада имҩаҧган
Питер Стано – Евроеидгыла Лукашенко Аҧсны ивизит иақәыӡбоит, ари авизит Аҧсны аҵакырадгьылаҿ азакәантә напхгара заҵәы - Қырҭтәыла анапхгара рықәшаҳаҭхарада имҩаҧган

Евроеидгыла Беларус ахада Алеқсандр Лукашенко Аҧсны ивизит иақәыӡбоит, уи жәларбжьаратәи зин аилагароуп ҳәа ирыҧхьаӡоит.

Бриуссель имҩаҧгаз абрифинг аҿы ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Еврокомиссиа аофициалтә хаҭарнак  Питер Стано.

«Евроеидгыла   Лукашенко Қырҭтәыла асепаратисттә регион – Аҧсны ивизит иақәыӡбоит. Ари авизит мҩаҧган Аҧснытәи арегионаҿ азакәантә напхгара заҵәы – Қырҭтәыла аиҳабыра рықәшаҳаҭхарада. Убри аҟынтә, ари авизит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи, жәларбжьаратәи зини еиланагоит. Даҽазнык иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп, Евроеидгыла Қырҭтәыла ахьыҧшымреи жәларбжьратәи азхаҵара змоу аҳәаақәа ирҭагӡаны аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло», — иҳәеит  Петер Стано.