Олаф Шольци, Еммануель Макрони, Марио Драгии Киев иаҭааит
Олаф Шольци, Еммануель Макрони, Марио Драгии Киев иаҭааит

Франциеи, Италиеи,  Германтәылеи алидерцәа Еммануель Макрони, Марио Драгии, Олаф Шольци Украина адгылара азаарҧшразы Киев иаҭааит.

Европатәи алидерцәа, Евроеидгыла азҵаара алацәажәаразы, ахада Зеленски иҧылоит.

Иааиуа амшқәа рзы Еврокомиссиа Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус ранашьара иазкны аӡбара аднакылароуп.

«Ҳара Украинеи уи ауааҧсыреи аполитикатә дырга раҳҭароуп, избанзар, дара фырхаҵарала агрессиа иаҿагылоуп», — иҳәеит Макрон Киевҟа аддәықәлаанӡа.