„Ниу-Иорк Ҭаимс“ – Ким Чен Ин, аурыс арбџьармчқәа абџьар рыҭареи арратә усеицура азҵаарақәа рылацәажәареи азыҳәан,  Урыстәыла авизит амҩаҧгара игәы иҭоуп
„Ниу-Иорк Ҭаимс“ – Ким Чен Ин, аурыс арбџьармчқәа абџьар рыҭареи арратә усеицура азҵаарақәа рылацәажәареи азыҳәан,  Урыстәыла авизит амҩаҧгара игәы иҭоуп

„Ниу-Иорк ҭаимс“ адыррала, Аҩадатәи Кореиа алидер Ким Чен Ин, аурыс арбџьармчқәа абџьар рыҭареи арратә усеицура азҵаарақәа рылацәажәареи азыҳәан  Урыстәыла авизит амҩаҧгара игәы иҭоуп. Аҭыжьымҭа ари аинформациа аланарҵәеит америкатәии мраҭашәаратәи аҧшыхәратә маҵзурақәа рдыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Аинформациа ишану ала,  Ким Чен Ин иқәылӡдәыҕбала Владивосток днеины, Мрагылара аекономикатә форум аҿы Владимир Путин диҧылараны дыҟоуп.  Зыӡбахәы ҳәоу ауснагӡатә мҩаҧысуеит цәыббра  10-13 рзы.

„Путин Ким иҟынтә иоур иҭахуп артиллериатә хыршәқәеи атанкҭархагатә ракетақәеи. Ким Путин иҟынтә иоур иҭахуп  иҿыцӡоу асателиттә технологиақәеи атомтә аӡаҵантә анышьқәеи“, –  иануп  „Ниу-Иорк ҭаимс“ аҿы.