Николоз Самхараӡе Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара  адемократиеи, ауаҩытәыҩса изинқәеи, агуманитартә зҵаарақәеи рзы акомитет ахантәаҩыс далырхит
Николоз Самхараӡе Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара  адемократиеи, ауаҩытәыҩса изинқәеи, агуманитартә зҵаарақәеи рзы акомитет ахантәаҩыс далырхит

Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара   Апарламенттә ассамблеиа есышықәсатәи асессиаҿы Қырҭтәыла апарламенттә делегациа анапхгаҩы Николоз Самхараӡе Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара  адемократиеи, ауаҩытәыҩса изинқәеи, агуманитартә зҵаарақәеи рзы акомитет ахантәаҩыс далырхит.

Қырҭтәыла апарламент апресс-маҵзура адыррала,  Ассамблеиаҿы 3 комитетк иҟоуп, убри аҟынтә, зыӡбахәы ҳәоу акомитет Ассамблеиа аформатқәа рҿы крызҵазкәа аҵакы амоуп.

Акомитет ахантәаҩыс даналырх ашьҭахь, Николоз Самхараӡе  Ассамблеиа адиректорат орган хада – абиуро алахәылас дҟалеит.

Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара   Апарламенттә Ассамблеиа есышықәсатәи асессиа Британиа Ду,  Бирмингем ақалақьаҿ имҩаҧысуеит.